Арадио

Гәымба еиҭеиҳәеит, аҳақьым изанааҭ аҟынтә амузыкахь дышнеиз

Sputnik
Акомпозитор, амузыкатә продиусер, 150 инареиҳаны ашәақәеи акомпозициақәеи равтор Анри Гәымба акультуреи аҟазареи рҿы иааирԥшыз илшамҭақәа рзы "Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
Избан акомпозитор ҩ-хьӡык зимоу, дызҭаз аҳақьым изанааҭ ала иҵара ааныжьны даҽа мҩак дзанылаз, раԥхьатәи иашәа шаԥиҵаз, насгьы ҿиарас иамоузеи иахьа аԥсуа естрадатә музыка, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Аҳаҭыртә хьӡы сгәы шьҭнахит, ҳәарада, аха уи сазхәыцуамызт ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Анри Гәымба.
"Уус бзиа ибаны уанаҿу аамҭа ахьцо узгәаҭаӡом, аха уи ахәшьара анарҭалак, еиҳагьы иугәанарԥхоит. Сгәалаҟазаара арҭ амшқәа рзы даара ибзиоуп. Насгьы, аус зцызуа сҩызцәа еицҳарҭеит аҟынтә, уигьы даара сгәы иахәеит", - ҳәа ахиҳәааит Гәымба.
Иара еиҭеиҳәеит еиҳарак Анри ҳәа деицырдыруаны дшыҟоугьы, ихьӡҵәҟьа Русҭам шакәу. Уи зыхҟьаз атәы дазааҭгылауа иҳәеит, иани иаби ихьӡ анылрхуаз, акаҿы иахьзымааиз ишахҟьаз.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.