Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Табаӷәуеи Қардиеи аҽыбӷаҟазара иазкны

Sputnik
Аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа мҩаԥган Мықә Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 31 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы. Аҽырыҩрақәа раан иреиӷьу алҵшәа аазырԥшыз кәтолаа ркоманда ақаԥдан аспорт азҟаза Дауҭ Табаӷәуеи ҩ-бжьаӡарак рҟны актәи аҭыԥ аанызкылаз аҽыбӷаҟаза Дмитри Қардиеи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит аиндаҭларақәа рҟны алҵшәа бзиа аарԥшразы шаҟа аус адулатәу, аҽы аҟазшьа ақәшәара шаҭаху, ишымҩаԥысыз аиԥыларақәа араион ақыҭақәа рыбжьара, аҽыбӷаҟазаратә спорт аҿар рыбжьара азҿлымҳара ахьынӡамоу, уи иацу аџьабаа атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.