Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Арбџьармчқәа ДЖәР аҟны аиланхарҭа Желанное Аҩбатәи ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы аиланхарҭа Желанное Аҩбатәи ахы иақәиҭыртәит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи 146 раион рҿы Украина аибашьыга техникеи аруааи ааха рырҭеит, еилаԥырыххааит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ахьыҭрыжьуаз ацех.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит напхгара змоу авиациатә бомбақәа Hammer ԥшьба, HIMARS-и Vampire-и рыхгәыцәқәа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 55.
Арратә операциа иалагазар УкрАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 646 ҳаирыплан, 283 вертолиот, 32871 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 580 зенит-ракетатә комплекс, 18 527 танки акәылӡымашьынеи, 1 469 реактивтә система, 15619 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 26942 ак аибашьыгатә автомобилтә техника.