Арадио

Багаҭелиа Гагра ахақәиҭтәраз: арратә ԥышәа акырӡа аҵанакуан

Sputnik
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра адаҟьа хадақәа рзааҭгылара иацаҳҵоит. 32 шықәса раԥхьа аԥсуа еибашьцәа Гагра аҭарцәразы ажәылара мҩаԥыргеит, жьҭаара 2 рзы ашьыбжьыжьҭахь ақалақь ахы иақәиҭтәын, амза 6 рзы Аԥсны Мраҭашәаратәи ахәҭа аӷацәа рҟынтә иҭарцәын. Ажәылара иалахәыз Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Агәымшәараз амедал занашьоу Борис Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы урҭ амшқәа игәалаиршәеит.
Гагра аҭарцәразы операциа аан Борис Багаҭелиа дызлаз агәыԥ рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа иахьагьы аҳәара мап ацәикуеит, убасҟак амаӡа аҵаны еиҿкаан, аха иара иазгәеиҭоит, ргәыԥ ишалаз аурыс аруаа. Аԥышәа змаз ауаа рыҟазаара акырӡа аҵанакуан, ажәылара қәҿиарала имҩаԥысырцаз иҳәеит Багаҭелиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.