Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба Аԥсны Ахада раԥхьатәи иалхрақәа ирызкны

Sputnik
25 шықәса раԥхьа, жьҭаара 3, 1999 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥган Аҳәынҭқарра Ахада раԥхьатәи иалхра. Иара убас, уи аҽны, 1994 шықәса рзы Апарламент иаднакылаз Аконституциа ажәлар ишазыразу шьақәзырӷәӷәоз ареферендум еиҿкаан. Арҭ ахҭысқәа арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа риҭеит аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.
Аԥсны уи аамҭазы аполитикатә еибырххарақәа цәырҵхьан ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба. Апрезидент аҿагылаҩ димазар акәын ҳәа зҳәаз рацәаҩхеит, аха еиҳарак ажәлар ныҳәак еиԥш ирыдыркылеит ҳәа игәалаиршәеит аҭоурыхҭҵааҩ.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.