Арадио

Арӡынԥҳа: арҵаҩы иччаԥшь аҵаҩы иԥсихологиатә ҭагылазаашьа еиӷьнатәоит

Sputnik
Жьҭаара 5 рзы Арҵаҩы имш азгәарҭон. Аныҳәа инамаданы арҵаҩратә усураҟны рлагалеи, арҵареи, еизҳауа абиԥара реиҵааӡараҟны рџьабааи рзы арҵаҩцәа 11- ҩык ирыхҵан Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Убарҭ рыбжьара дыҟоуп 40 шықәса Гәдоуҭатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ аҟны аԥсуа бызшәа арҵаҩыс аус зуа Манана Арӡынԥҳа. Лара лцәажәараҟны илҳәеит арҵаҩы иусураҟны ихадаратәны илԥхьаӡо, арҵаратә методика ахьынӡаманшәалоу, иахьа ахәыҷқәа аҵара ишазыҟоу, арҵаҩы ҳаамҭазы ҳаҭыр ахьынӡаиқәу.
Акырӡа ихадоуп арҵаҩы гәыкала ахәыҷқәа дшырзыҟоу анеилыркаауа, насгьы арҵаҩи аҭаацәеи реимадара, ҳәа азгәалҭеит лцәажәараҟны арҵаҩы. Убри аан иазгәалҭеит ахатәы бызшәахь агәыбылра аҭаацәарақәа рҟынтәи иаауазароуп ҳәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.