Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа асоциалтә проектқәа раԥҵара ашколхәыҷқәа дырҵаразы

Sputnik
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресси аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ацхыраарала ашколхәыҷқәа рзы асоциалтә проектқәа разырхиаразы имҩаԥысуеит аиԥыларақәа. Апроект атәы иаҳа инарҭбааны арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, аҿар аус рыцуреи абҩарҵәыреи рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс аҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаԥҳа.
Иара атренингқәа хацыркын сынтәа хәажәкырамзазы Аӡҩыбжьа. Ҵакыс иамоу асоциалтә проектқәа рышьаҭақәа аҟаҵашьа ашколхәыҷқа дырҵара, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Кәыҵниаԥҳа.
Лара еиҭалҳәеит, асеминар шымҩаԥысуа - апроект аҩышьа, уи атема алԥшаашьа, абиуџьеҭ ашьақәыргылашьа аҳәыҷқәа рҟынӡа ишнарго атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.