Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Тҟәарчал аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирызкны

Sputnik
Тҟәарчал араион аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иахьазы имҩаԥырго, ари ашықәс азы араион ахадара рхыдҵақәа ахьынӡанарыгӡаз, ахшыҩзышьҭра зҭаху, иӡбатәны иҟоу азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Тҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа.
Тҟәарчал иахьаҵанакуа 7-8 ҭыԥ рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Урҭ рахь иаҵанакуеит амҩақәа реиҭашьақәыргылара, ақалақь ахәҭак аҟны алашарбагақәа рыԥсахра, ахаҳә ҟьаԥс ашьҭаҵара, иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ ицәажәараҟны. Арҭ аусурақәа иҟоуп аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи ирзоужьыз аԥарала имҩаԥырго, убасгьы араионтә биуџьет ала.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.