Арадио

Ферзба аоператә музыка афестиваль азы: иԥсыршьагоуп, ихәшәтәыгоуп

Ашәаҳәаҩ Алхас Ферзба арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аԥсны имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" аҵакы, амҽхак, алахәцәа ирнаҭо, аҭааҩцәа ирзыннажьыр алшо агәалаҟара атәы.
Sputnik
Аԥсны акультура аминистрра еиҿнакаауа III Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva" мҩаԥысуеит жьҭаара 9-10 рзы.
Афестиваль актәи аконцерт мҩаԥгахоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә фиалрмониаҿы, ахыркәшаратә - Пицундатәи аныхабаа аконцерттә зал аҟны.
Аклассикатә ԥҵамҭақәа рконцерт ауаҩы иԥсы инаршьоит, ачымазарақәа рзы ихәшәтәыгуп ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараҟны афестиваль "Opera Viva" алахәыла Алхас Ферзба ицәажәараҟны.
"Ауаа неир бзиоуп (афестиваль ахь -азгәаҭа), избанзар амузыка ануаҳауа уи медитациакгьы иаҩызоуп, ухы аԥсы ашьоит, аконцерт цонаҵы ауадаҩрақәа урызхәыцӡом, ауаҩы дахәышәтәуеит наукалагьы иазгәаҭоуп, иара угәалаҟарагьы шьҭнахуеит",- иҳәеит Ферзба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Италиатәи амузыкатә рҿиамҭақәа рыла еиқәыршәоуп афестиваль "Opera Viva" сынтәатәи апрограмма. Еицырдыруа арҿиамҭақәа нарыгӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла, иара убас Аԥсни, Урыстәылеи, Китаии роператә шәаҳәаҩцәа.