Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәыҵниаԥҳа ҳџьынџьуаа аԥсшәа дырҵаразы онлаин апроект иазкны

Sputnik
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилаки Аҵара-методикатә центр "Аӡыхьи" еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҿы инхо, насгьы зыҧсадгьыл ахь ихынҳәхьоу ҳџьынџьуаа рзы аҧсуа бызшәа аҵаразы онлаин апроект хацдыркит. Ишԥашьакәыргылоу апрограмма, егьырҭ аметодикақәа иҟоу излареиԥшыми, шаҟа- шаҟа аамҭа рзыԥҵәоузеи аԥсшәа аҵаразы акурсқәа ирҭаауа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, аҵара-методикатә центр анапхгаҩы Кама Кәыҵниаԥҳа.
Ҳџьынџьуаа аԥсшәа дырҵаразы аҭагылазаашьа рзаԥҵара хықәкыс иҟаҵаны ҵыԥх иаԥҵан апроект. Раԥхьаӡа акәны иҿыцу аметодикала аусура хацыркуп. Иҿыцу аматериал азырхиан, арҵаҩцәа азыҟаҵан, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Кәыҵниаԥҳа.
Апроект аханатә ихаҵыркын Аԥсны инхо ҳџьынџьуаа рыла, уи анаҩс иднарбеит, ишыҟоу аҭахра анҭыҵгьы аусуразы. 6-8 мзы рыла онлаинла иҟоуп алшара ауаҩы аԥсышәала дцәажәартә еиԥш аҟаҵара, лҳәеит Кама.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.