Арадио

Аҭоурыхҭҵааҩ еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҿы Кавказ ахақәиҭтәра зыбзоурахаз

1943 шықәса жьҭаарамза жәба рзы Кавказ азы аибашьра хыркәшахеит. Ари ахҭыс аҵакы арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа аиҭеит аҭокрыхҭҵааҩ Аслан Габелаиа.
Sputnik
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду 1941-1945 раан имҩаԥысуаз зымҽхак ҭбааз еибашьран. Хықәкыла? Кавказтәи аибашьра ҩ-хәҭакны ишан: анемец ир аанкылара, ахырӷәӷәарҭақәа реиҿкаара, Кавказ ахақәиҭтәра, ҳәа иҳәеит Габелаиа.
Кавказ зымҽхак ҭбааз, астратегиатә ҟазшьа змаз регионы иҟан. Анемец имч шеиҳазгьы, Асовет мчра иалшеит иааира агара. Аҭоурыхҭҵааҩ еиҭеиҳәеит, уи зыбзоурахаз.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.