Арадио

Ҵәыџьба ацитрус азы: амандарина ҳамандаз, ишаҳҭирыз

Ацитрус аганахьала сынтәа иззыԥшу аҽаҩра, уи аҭира аиҿкаараҿы планқәас ирымоу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу асовхоз "Софиа" аиҳабы Витали Ҵәыџьба.
Sputnik
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа раԥхьатәи амандарина ахгара иалагеит, уажәазы
21 тонна рҟынӡа инаӡоит аекспорт. "Аԥснынтәи Урыстәылатәи Афедерациахь ҵыԥх уажәааны 133 кг мацара ракәын идәықәҵаз", - ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы.
Асовхоз "Софиа" аҿы амандарина аҿыхра макьана иаламгацт, ргәы иҭоуп амза анҵәамҭазы рҽазыркырц. Убри аан Ҵәыџьба иҳәоит, сынтәатәи аҽаҩра даара ишыбзиоу, 500-600 тонна рҟынӡа иазыԥшуп.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.