Аԥснытәи аихамҩақәа ари ашықәс азы русура алҵшәақәа, аихамҩатә инфроструктура аиӷьтәразы иҟарҵо, авокзал ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара аус ахьынӡанагоу, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Аԥсны аихамҩақәа" рынџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны аихамҩа аусура егьырҭ ашықәсқәа рзы еиԥш ицәгьаӡам. 2022 шықәсазы фымз ирылагӡаны 147 миллион мааҭ ахашәала ыҟазҭгьы, 2023 шықәсазы 210 миллион мааҭ инацны иҟан, сынтәа ашықәс актәи азбжазы 312 миллион мааҭ рҟынӡа ахашәала аиуит, иҳәеит Ҟуруа. Фымз рыла 180 нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа мҩанган, Аԥсны аихамҩа анџьныр хада иажәақәа рыла.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.