Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарцхьиа сынтәатәи ахәырма аҽаҩра иазкны

Sputnik
Сынтәа ахәырма аҽаҩра зеиԥшроу, аԥхасҭа азҭо ари ашәыр хкы, арҩаразы аҭагылазаашьа маншәала аԥҵоума араион аҟны, анхацәа феида ахьынӡарзалхо далацәажәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарацхьиа.
Гәдоуҭа араион аҟны 189 гектар инацны ахәырма еиҭаҳаны ирымоуп анхацәа. Ҵыԥх, ҵыԥхцәа хәнызқь тонна инареиҳаны ахәырма ыҟан, сынтәагьы ԥшьнызқь тонна инацны иҟоуп ҳәа иҳәеит Кәарцхьиа.
"Аҽаҩра ҵыԥх аасҭа имаҷуп, избанзар ачымазара, аԥты ԥырхага ҳарҭоит. Егьа ус акәзаргьы, аҭагылазаашьа Гәдоуҭа араион ақыҭақәа зегьы рҿы еиԥшӡам. Ахәырма ахькаԥсо ыҟоуп, имаҷны иахьиз ыҟоуп, џьара-џьара уахәаԥшуазар еиӷьны иҟамлацт уҳәартәгьы иахьыҟоу ҳамоуп", - иҳәеит Кәарцхьиа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, анхацәа ихымԥадатәиу ахәшәтәра мҩаԥызымго шмаҷым.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.