Аԥсны

Очамчыра ақалақь аҟны аҩнеихагыла ахәҭак блит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Очамчыра ақалақь агәҭаҿы анхарҭатә ҩны ахәҭак былит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Иара иажәақәа рыла, амцакра шыҟалаз азы аҷаԥшьаратә ҟәшахьы адырра ҟалеит асааҭ 19:42 рзы.
"Абылра ҟалеит Папасқьыр имҩаду аҿы. Уахь иаразнак инеит амцарцәаратә гәыԥқәа хԥа. Аҩны аҩбатәи аихагылеи ахыби блит, актәи аихагыла аиқәырхара рылшеит", — иҳәеит Ԥачлиа.
Абылра зыхҟьаз шьақәдыргылоит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.