Арадио

Барганџьиа Лыхнашҭа Ҽаҩраҭагалан аныҳәазы: ақыҭаҿы иааҳрыхыз зегьы наҳгоит

Sputnik
Лыхнашҭа Ҽаҩраҭагалан аныҳәа рҽазыҟаҵарҵоит Гзлоуҭа араион ақыҭақәа зегьы. Иарбан еиҿкааратә усқәоу рнапы иану анхацәа, рышԥаҽазыҟарҵо аныҳәа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Џьырхәа ақыҭа ахада Алхас Барганџьиа.
Ақыҭаҿы иааҳрыхыз зегьы аныҳәаҿы инаҳгоит, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Барганџьиа. Сынтәатәи аҽаҩра далацәажәауа иҳәеит, аџьабаа збаз ибзабааны иԥылартә еиԥш ишыҟалаз, аҽаҩрақәа шыбзиахаз.
"Иаҳа имаҷхаз ажьи ахәырмеи роуп. Апты иахҟьеит ҳәа ҳахәаԥшуеит. Ахәшәқәагьы ҳарҭоит, аха ҵлацыԥьаӡа ақәҭәара мариаӡам", - иҳәеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.