АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Сынтәа Лыхнашҭа имҩаԥысраны иҟоу Ҽаҩраҭагалан аныҳәа аан иқәыргылахо апавилионқәа ахәшьара рырҭоит иҳәеит Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба.
Акомиссиа хшыҩзышьҭра анаҭоит ишырԥшӡоу, асасцәа шрыдыркыло, ацәыргақәҵақәа шеиҿкаау. Аиааира згаз аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахоит: актәи аҭыԥ азы – 50 нызқь мааҭ, аҩбатәи азы – 30 нызқь мааҭ, ахԥатәи – 20 нызқь мааҭ.
Аҭоурыхтә дәы Лыхнашҭа аҿы традициала имҩаԥысуа Ҽаҩраҭагалан аныҳәа абҵарамза 3 рзы иҟалоит. Уи 1984 инаркны есышықәса имҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа зегьы, иара убас Афон ҿыц. Иҳаҩсыз ашықәс азы раԥхьаӡа акәны Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика аделегациа аҽаланархәит. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа рыҩны иҟарҵаз аалыҵқәа, ҭагалантәи ашәырқәа, рнапала иҟарҵаз усумҭақәа наргоит, ацәыргақәҵақәа еиҿыркаауеит.