Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи иколлега Владимир Путин иира амш аҽны изеиӷьеишьази, ареспублика аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа ҩ-ганктәи реиԥыларақәа шымҩаԥысыз, Гал ақалақь Амш шымҩаԥысыз, аекстремалтә триатлон “ Nartman 2024"аҿы аиааира згаз ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.
Путин имшира
Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин жәабран 7 рзы 72 шықәса ихыҵит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иколлега адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
"Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵараҿы, ҳреспублика аҭынчра ахьчареи ашәарҭадара аиқәыршәареи, ареспублика асоциал-економикатә ҿиара аус аҿы хәы змам ацхыраара азуреи рҿы хаҭалатәи шәлагалазы аԥсуа жәлар ҭабуп ҳәа шәарҳәоит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Бжьаниа Путин адунеи аҿы иналукааша, хьӡи-ԥшеи змоу анапхгаҩы ҳәа изиҳәеит, иҳәеит уи инапхгарала Урыстәыла аепохатә ԥсахрақәа ҟалеит, урҭ атәыла ахаҿреи атәылауаа рыԥсҭазаареи рыԥсахит ҳәа.
Аԥсны ахада, иара убас, Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа иӷәӷәоу аиҩызареи аҳаҭыреиқәҵареи рзы ҿырԥшыгас ишыҟоу азгәеиҭеит.
Аҵакы змоу ҩ-рыцхәк
Аԥсны Арбџьармчқәа Рымш ареспубликаҿы жьҭаара жәеиза рзы иазгәарҭеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа арратә усзуҩцәа рахь иҟаиҵаз адныҳәалараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари амш иаанарԥшуеит шәара, Аԥсадгьыл зыхьчо, шәымчи шәгәымшәареи ҳәа.
"Шәуалԥшьа анагӡареи шәыпрофессионалтә дырреи атәыла ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы ишьаҭаны иҟоуп", - ҳәа ҷыдала иазгәаҭоуп аҳәынҭқарра ахада идныҳәалараҿы.
Уи иазгәеиҭеит, Аԥсны ар урыстәылатәи рколлегацәа рывагыланы, иахьа Аԥсны аҳәаақәа шәара амамкәа ишырыхьчо.
1992 шықәсазы жьҭаарамза 11 азы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы Азакәан рыдыркылеижьҭеи ҩажәихәба шықәса ҵит. Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит 1999 шықәсазы жьҭаара 12 азы ареспублика актәи ахада Владислав Арӡынбеи, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Сократ Џьынџьали, адепутатцәа ркорпуси.
Уи аԥхьа, Аԥсны исуверентәу, идемократиатәу, изинтәу ҳәынҭқарраны, жәларбжьаратәи азин иасубиектны ирылазҳәоз Аконституциа иазкны атәылазегьтәи ареферендум мҩаԥган.
Аслан Бжьаниа иџьынџьуаа ари ахҭыс рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит, Аԥсны жәлар акыршықәса ахьыԥшымразы рықәԥара аихьӡарақәа зныԥшуа "Аҳәынҭқарратә суверенитет азы" Азакәан адкылара абзоурала, аҳәынҭқарра аҿиара аетап ҿыц иалагеит ҳәа.
Апарламентарицәа рконференциа
Иҳаҩсыз амчыбжь азы, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа, ахада Лаша Ашәба инапхгарала, Ростов-на-Дону ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Аахыҵ-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XLI-тәи Аконференциа ахы аланархәит.
Ареспублика Жәлар Реизара Ассоциациа иалахәуп 2005 шықәса цәыббрамза 30 аахыс. Сынтәа ДЖәР-и ЛЖәР-и Жәлар рреспубликақәа Рыжәлартә Хеилакқәеи, Запорожиатәи аобласт Азакәанԥҵаратә Еизареи Херсонтәи аобласт Адумеи Ассоциациа иалахәылацәаны иҟалеит.
Аус амхәаԥштә аҿы иазгәаҭан ақалақьқәа рҿы аҭаацәаратә наплакреи абизнеси рыҿиара, Урыстәыла Аладатәи аенергетикатә система аҭышәынтәалара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа, афармацевтикатә усура азҵаарақәа, аҵараиурҭақәа рҿы хықәкылатәи аҵарақәа рымҩаԥгара, ақыҭанхамҩеи афермерцәеи рыцхыраара иадҳәалоу азҵаарақәа 54 рыхәаԥшра.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба активла, хра злоу аусура амҩаԥгареи, апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы илагала дуи рзы Аахыҵ-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәы ианашьоуп.
Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра
Аԥсны Жәлар Реизара апресс-маҵзура иаанацҳаит Апарламент аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа аинвестициатә проектқәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы рынагӡаразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра апроект иалацәажәеит ҳәа.
Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра хада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, аенергетика, аекономика, афинансқәа рминистррақәа рнапхгаҩцәа, апрокурор Хада.
Иазгәаҭан, Аиқәшаҳаҭра аинвестициатә проектқәа рынагӡара арманшәалареи, аекономикатә ҿиареи, атәылауаа рыбзазара аиӷьтәреи ишрызку.
Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иажәақәа рыла, аиԥылара, адепутатцәа апроект аганахьала имҩаԥырго аусура аетапқәа иреиуоуп.
Аиԥылара иалахәыз Аиқәшаҳаҭра аҵаки Апарламент адепутатцәа иҟарҵаз аиҭакрақәеи ҭырҵааит.
Жәлар Реизара апресс-маҵзура аҟны иазгәарҭеит адепутатцәа иадыргалаз аиҭакрақәа зегьы аиқәшаҳаҭра аҵыхәтәантәи авариант аҿы ианыԥшыр шалымшо, аха аиҿцәажәарақәа раан хшыҩзышьҭра зҭатәу шьаҭанкылатәи апозициақәа шыҟоу. Урҭ абри Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩраанӡа апроцесс амҩаԥгараан иазыԥхьагәаҭатәуп.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аиԥылара
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа ахаша, жәабран 10 рзы дырԥылеит. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аганқәа Гал ақалақь аҿы имҩаԥысуа аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рзы Амеханизм аиҭахацыркра, насгьы Женеватәи имҩаԥысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгаҩы иажәақәа рыла, аԥсуа ган азы зегь реиҳа ихадароу аилацәажәаратә зҵаароуп аибашьра аиҭаламгареи Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҭынчратә еиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи.
Шамба иара убасгьы иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аҭамзаара ашьҭаҵара аинышәарахь раԥхьатәи шьаҿаны иҟалар шалшо. Иара убасгьы Қарҭ “аоккупациа зызуу аҵакырақәа” ҳәа ацәажәарақәа рааныжьра шахәҭоу.
Аусеицура аҿиара
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Ҟарачы-Черқьесиа Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа рминистррақәеи реилакқәеи реилатәара мҩаԥысит.
Уаҟа ирылацәажәан аҳәаа иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы азакәан аҭышәынтәалара ашьақәыргылара, атеррористтәи аекстремисттәи усмҩаԥгатәқәа рҿагылара, анаркотикқәа закәаншьаҭада реикәыршара иаҿагыло аусмҩаԥгатәқәа.
Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ аҿы Аусбарҭа Хада анапхгаҩы Сергеи Бачурин иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа агәрагаратә ҟазшьа аамҭа иԥнашәеит ҳәа. Абҵара 24 азы аганқәа астратегиатә усеицуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥыргеижьҭеи 10 шықәса ҵуеит.
"Ҳара ҳазыԥшуп агәаартреи аҳаҭырқәҵареи рыпринципқәа рыла ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара", - ҳәа иҳәеит Бачурин.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут агәра ганы дыҟоуп аиԥылара алҵшәала аусеицура ахырхарҭақәа зегьы рҿы хра злоу аӡбарақәа шыҟало.
"Ҳусура арбагақәа иреиуоуп ҳтәылауааи ҳареи ҳагәҭынчреи ҳшәарҭадара агәрагари", - ҳәа иазгәеиҭеит Киут.
Аилатәара аихшьаалақәа рыла, уи алахәылацәа аҵыхәтәантәи аусшәҟәқәа рнапы рыҵарҩит.
Курск ацхыраара
Москватәи аԥсуа диаспора, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраарала, Курсктәи аобласт аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭаразы алаҳәара ҟарҵеит.
Ирласны иԥхасҭамхо ачыс, аҩнтәии ахимиатәии маҭәашьарқәа, ахәыҷқәа агигиенатә хархәагақәа, зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәа, ацәарҭақәа, ацәарҭамаҭәқәа рыдыркылоит.
Агуманитартә цхыраара аҟаҵаразы, аҭел асра ҟалоит, +7 916 620 07 23.
Гал аныҳәа
Аԥсны амрагыларахьтәи ақалақь Гал Амш азгәарҭеит иҳаҩсыз ахәаша, жьҭаара жәеиза азы. Аныҳәа иацын ажәлар рынеиааирақәа, ацәыргақәҵа, ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программа. Иара убасгьы аҭыԥантәи авокал-кәашаратә коллективқәеи ашәаҳәаҩцәеи злахәыз аконцерт мҩаԥган.
Ақалақь ахада Константин Ԥлиа галаа ирыдиныҳәалеит ақалақь 92 шықәса ахыҵра
“Аҳҭнықалақь – ҳҳәынҭқарра агәы ауп, Гал уи анапқәа роуп, избан акәзар араҟа инхоит аџьа бзиа избо ауаа, зеиԥшыҟам анапҟазацәа, абизнес анапхгаҩцәа бзиақәа, иара убасгьы аҟазареи адыррақәеи рахь зхы хоу ауаа”, - ҳәа иҳәеит Ԥлиа.
Уи, иара убас, Гал араион ахь аара, аԥшӡарақәа рбара зҭаху ауаа рхыԥхьаӡара еизҳауеит ҳәа агәра ганы дыҟоуп.
" Nartman 2024"
Аекстрималтә марафон " Nartman 2024" Аҟәа ихыркәшахеит аиааира згази алахәылацәеи аҳамҭақәа ранашьарала.
Иара мҩаԥысит жьҭаара 11 инаркны 13 рҟынӡа, шамахамзар Аԥсны зегьы алахәны – Гал инаркны аӡиа Риҵа аҟынӡа. Амаршрут 234 километра ыҟан. Аспортсменцәа 14 рхы аладырхәит.
Аԥсны атриатлон Афедерациа ахада Борис Барцыц аҳамҭақәа ранашьара ацеремониаҿы алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, афырхацәа ҳәагьы рзиҳәеит.
"Шәара зегьы шәфырхацәоуп, nartman-қәоуп. Шәара дасу ҳаԥсадгьыл, ҳ-Аԥсны, ҳкультура аҟәырҷаха шәылоуп. Ари даараӡа ибзиоуп", - ҳәа иҳәеит Барцыц.
Иара иҳәеит зегьы ишазгәаҭаз ишыҟамыз, техникала зегь реиҳа иуадаҩыз аӡтәы стадиа шакәыз азгәеиҭеит.
Хаҭалатәи аицлабрақәа рҿы Евгени Хромушкин аетапқәа зегьы раԥхьаӡа иргыланы ихиркәшеит 14 сааҭи 27 минуҭи рыла. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы дыҟоуп Андреи Лиацки –15 сааҭи 5 минуҭки. Ахԥатәи аҭыԥ аҿы дыҟоуп Дмитри Иакушенков– 16 рыла ихиркәшеит.
Аицлабрақәа естафетатә командак алахәын. Уи алахәылацәа Роман Умиаров, Константин Миланин, Саид Аргәын амарафон 12 сааҭи 8 минуҭки рыла ихдыркәшеит.
РУСДРАМ ақәҿиарақәа
Аҟәатәи Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр Ростов-на-Дону имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль "Аурыс комедиа" иалауреатхеит.
РУСДРАМаа жьҭаара 12 азы Максим Горки ихьӡ зху Ростовтәи Академиатә драматә театр асценаҿы Олесиа Невмержицкаиа лспектакль “Ахьча Махаз” ддырбеит, уи знык ала аноминациақәа рацәаны иаиуит.
"Иреиӷьу арежиссиортә усумҭа"
"Асахьаҭыхҩы иреиӷьу иусумҭа" (Витали Кацба),
“Иреиӷьу ахаҵа ироль” (Саид Лазба – Махаз, Џьамбул Жорданиа – Шьалико),
"Иреиӷьу актиортә ансамбль".
Афестиваль Урыстәыла акультура аминистрреи Ростовтәи аобласт аиҳабыреи рыцхыраарала еиҿкаан.