Жәандрыԥшь иаартуп амилаҭ-хақәиҭратә гәыԥ "Кьараз" алахәцәеи еицырдыруа "Аԥсуаа рышәҩык" ирызкуи амемориалтә ӷәқәа. Аҭоурых ду змоу ари ақыҭа иалиааз афырхацәа рыхьӡқәа зҳәо аӷәқәа раартра хҭысхеит аҭыԥантәи ауаа рзы. Аиҳабыратә абиԥара ражәақәа рыла, аҭоурых анаунагӡатәра аиҳагьы ихадоуп еиҵагыло аҿар рзы. Жәандрыԥшьтәи абжьаратә школ аиҳабы Џьума Габуниа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ас еиԥш иҟоу агәалашәаратә ӷәқәа раартра аҵакы.
"Абри еснагь ҳгәы иҵхоз усуп… Ас еиԥш иҟаз абиԥарақәа рбаҟақәа рыргылара азҵаара ииашаны аӡбара ҳалҳаршеит. Иахьа хә-абиԥарак рбаҟақәа ахьгылоу 286-ҩык рыхьӡи рыжәлеи ануп. Ари 250 ҭӡы ахьынхо даара аџьабаа збаз аԥсуа қыҭоуп", - иҳәеит Габуниа.
Иара иазгәеиҭеит, ас еиԥш абаҟақәа раартра еиҵагыло абиԥарақәа ииашаны рааӡаразы ишхәарҭа дуу.
Иаарту абаҟақәа рҟны рыхьӡ арбоуп "Кьараз" иалаз 65-ҩык жәандрыԥшьаа иара убас "Аԥсуаа рышәҩык" иалаз 13-ҩык уи ақыҭа иалҵыз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.