Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Қапба зыбла иамбо ауаа реилазаара аусура иазкны

Жьҭаара 15 зыбла иамбо ауаа жәларбжьаратәи рымш акәны иԥхьаӡоуп. Ирацәаҩума ус еиԥш Аԥсны инхо ауаа, иарбан усуроу инаныгӡо аилазаара ари агәамбзиара змоу ауаа еидызкыло, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аԥсны зыбла иамбо ахеилак ахантәаҩы Езаабеи Қапба.
Sputnik
Ахеидкыла иахьазы иалоуп 45 -ҩык. Аԥсны ахы-аҵыхәа зынӡа 500-ҩык рҟынӡа зыбла иамбо ауаа ыҟоуп. Аилазаара аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара амам. Изларылшо ала рхы ныҟәыргоит.
"Дҳамоуп амҿыуасҭа. Аха иара амаҭәахә ахьизаамхәо иахҟьаны аус изуам. Убри аан аилазаара иамоу ауадақәа арендала ираҳҭоит. Уи аҟынтә иҳамоу ахашәала анаҩс ацхыраара зҭаху ираҳҭоит", - ҳәа иҳәеит Қапба.
Иара убасгьы далацәажәеит аибашьра ҟалаанӡа зыбла иамбо ауаа реилазаара иатәыз ахыбра аиҭаргьежьра шырҭаху, аха уи азҵаара макьана иӡбамкәа ишаанхо.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.