Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: адемографиеи ҳаамҭазтәи ачарақәеи ирызкны

Sputnik
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҟны иазааҭгылеит адемографиеи атрадица ҿыцқәеи рызҵаара. Иаҳԥырхагоузеи уааԥсырала аизҳаразы, аҳәынҭқарра уи ацхрааразы лшарақәас иамоу иалацәажәон аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарардыррақәа ркандидат Елисо Сангулиаԥҳа, Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра адемографиатә ҟәша анапхгаҩы Сабина Андарбуаԥҳа, Лыхнытәи абжьаратә школ арҵаҩы Арда Ҳамытԥҳа.
Адемографиатә ҭагылазаашьа, хымԥада, иахьԥшуп аҭаацәарақәа раԥҵара, ахәыҷқәа рира. Астудиа асасцәа аҭагылазаашьа иалацәажәеит, ирҳәеит аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы ахшара риразы иахьа аҳәынҭқарра иашәо ацхыраагӡақәа зеиԥшроу, ачарақәа зуа шаҟа мааҭ ирызтәо, ҳаамҭазы ачара зуа иахыишәаауеи иахҭныҵои зҭибагома, аҭаацәарақәа раԥҵараан ԥынгылақәас ицәырҵло.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.