Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа Нальчик имҩаԥысуа асахьаҭыхыҩцәа рфорум атәы

Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа алахәуп Нальчик имҩаԥысуа ацәыргақәҵеи аҭҵаарадырра-практикатә конференциеи. Уи алахәхара лшарас ирнаҭо, зусумҭақәоу уахь иназгаз ҳсахьаҭыхыҩцәа уҳәа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Sputnik
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа алахәуп "Кавказ аԥеиԥш ааигәазтәуа" Жәларбжьаратәи апроект. Уи еиҿнакааит Ҟабарда-Балкариа иҟоу Урыстәыла Асахьаҭыхыҩцәа ракадемиа. Афорум Нальчик имҩаԥысуеит жьҭаара 17 инаркны 19 рҟынӡа, иазгәаҭоуп ацәыргақәҵақәа, аконференциақәа, аиԥыларақәа. Урыстәылатәи академикцәа злахәу ацәыргақәҵа ду аҟны иӡыргахоит асахьаҭыхҩы Витали Џьниа иусумҭа ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа. 35 шықәса зхымҵыц асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵаҟны иҟалоит Диана Нарманиеи Идает Аҭрышбеи раԥҵамҭақәа.
Ауснагӡатә зхы алазырхәуа арҿиаҩцәа рацәаҩуп, уи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа ирыцхраап ҳәа агәыӷра аалырԥшит Арсалиаԥҳа, лара лажәақәа рыла, "Кавказ аԥеиԥш ааигәазтәуа" Жәларбжьаратәи апроект иалахәу аҟазара ҭызҵаауа, ацәыргақәҵақәа реиҿкааҩцәа, агалереиақәа рнапхгаҩцәа рацәаҩуп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.