Арадио

Аблоҭиа иахьатәи аҵаҩы изы: изнауго адырра зиҭаху имбар, азҿлымҳара ааирԥшӡом

ААУ аҿы ихыркәшахеит абиологиеи ахимиеи рзы 13-ҩык арҵаҩцәа злахәыз аԥышәа аизырҳаразы акурсқәа. Аҵарадырратә усмҩаԥгатә алахәыла, Баслахәтәи абжьаратә школ арҵаҩы Инга Аблоҭиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит акурсқәа ирнаҭаз атәы.
Sputnik
Акурсқәа иазхәыцны еиҿкаан, алекциақәа ирыԥхьон ААУ аҟынтә арҵаҩцәа, ҳәа азгәалҭеит Аблоҭиа.
"Арҵаҩцәа зегь реиҳа иаҳҭахыз, иахьа ахәыҷы иоуа аинформациа рацәа ашьҭахь ҳмаҭәар ахь азҿлымҳара ааирԥшыртә еиԥш аурок аиҿкаара ауп. Даара аинтерес рымкыр, аҵаразы агәаҳәара роуӡом. Сара акурсқәа рахьынтә иалызгаз, анкьа еиԥш адырра иҭаны мацара акгьы шалымҵуа, изнауго ззиҭаху, ихы иахьаирхәаша идыруазароуп, уи имбар, иахьатәи аҵаҩы, азҿлымҳара ааирԥшӡом", - ҳәа лҳәеит Аблоҭиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.