Арадио

Аиба Лыхнашҭа аныҳәазы: иааиуа ҳасасцәа ҳџьабаа пату ақәырҵар ҳҭахуп

Оҭҳара ақыҭа ахада Анатоли Аиба арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит, Лыхнашҭа аныҳәа амҩаԥгара атрадициа аҵакы атәы, сынтәа уи рышҽазыҟарҵо, насгьы анхаҩцәа раарыхрақәа ирҭагылазаашьоу.
Sputnik
Сынтәа ҳаарыхрақәа угәы иаахәартә иҟоуп, аџьықәреи, аҟәыд, ауҭраҭых Анцәа иҳаҭәеишьеит, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аиба.
"Ақыҭаҿы ашәыр еиҿкааны еиҭаҳаны ирымоуп, ахәырма, афеихоа. Араса иалаган, аха ҳадгьыл аҿы уамак ианымаалеит. Уажәы ахәырма аамҭа злаҟоу ала, ақыҭаҿы инеины ахәҳаахәҭыҩцәа 30 мааҭ ҳәа дара рхала иҭааны иргоит. Ажь акәзар, аибашьра ашьҭахь Мҷышьҭа ахьыҵыҵуа аҭыԥаҿ х-гектарк адгьыл хкааны ажь еиҭарҳеит, уи анахыӡаа ашьҭахь ахәырма еиҭарҳаит. Уаҳа культурак аҳасабала мҽхакы ҭбаала ажь змоу дыҟаӡам. Анхацәа рхатәы баҳчақәа рҿы ирымоуп аҟароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аиба.
Иара убасгьы дазааҭгылеит Лыхнашҭа аныҳәа рышҽазыҟарҵо атәы, иаҭаауа асасцәа рхымҩаԥгашьа зны-зынла ргәа шканажьуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.