Аԥсны

Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа атәылауаа рахыжьра аанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа атәылауаа рахыжьра жьҭаара 23 инаркны 30 рҟынӡа иаанкылахоит.
Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аԥкратә усмҩаԥгатәқәа аԥшьнагеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, уи жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла Апарламент ахь алхрақәа раан арадикалтә мчқәа иҟарҵар рылшо апровокациақәа иадҳәалоуп.
Ашәарҭадаратә хеилак ари аԥшьгамҭа иақәшаҳаҭхеит, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа азгәаҭаны:
уаанӡа закәанла Қырҭтәыла иҟаз ареспублика атәылауааи анхаразы азин змоу ауааи Аԥсныҟа рыхынҳәра;
еиԥҟьарада афымцамч система аусура ("Амшынеиқәафымцамч" аганахь ала).
Бжьаниа Қырҭтәыла адепутатцәа ралхрақәа ахьынӡамҩаԥысуа ашәарҭадаратә усбарҭақәа русура дырӷәӷәарц адҵа риҭеит.