Аԥсны

Аԥсуа ган Женева аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иаанкылаз адрон иалацәажәоит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Аԥсуа ган абҵарамза 5-6 рзы иазԥхьагәаҭоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иаанкылаз адрон иадҳәалоу ахҭыс алацәажәара гәҭакыс иамоуп.
Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура адыррала, аԥырҩы дызҭам ахархәага Қырҭтәылатәи активист, "аоккупациа иаҿагыло аиҿкаара" анапхгаҩы Давид Кацарава итәын. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари ахҭыс иаарту провокациоуп, ас еиԥш аусқәа аҳәаахьчаратә зонаҿы аибарххара иазырхоуп ҳәа инаҵшьны иазгәанаҭеит.
"Қырҭтәыла анапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарреи дареи рыбжьара иҟоу аиқәымшәарақәа зегьы ҭынчмҩала мацара рыӡбара ҳҭахуп ҳәа иааиԥмырҟьаӡакәа аҳәамҭақәа шыҟарҵогьы, апрактикаҿы Қырҭтәыла Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа аицәатәра иаҿуп, ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ашәарҭарақәа рызцәырнагоит", – ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.