Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Арҷелиаԥҳа аҿкы чымазарақәеи, урҭ рҟынтә алаҵақәа рыҟаҵареи иазкны

Sputnik
Асезонбжьаратә вирустә ҿыкчымазарақәа раамҭа ҳааҭагылеит. Иарбан еиҳа аларҵәара змоу ҭагалантәи амҭазы, иҟоума ишәарҭоу, сынтәа иазгәаҭоума иҿыцу ахкқәа, ианбеиӷьу алаҵақәа рыҟаҵара, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, Аԥсны ареспублика атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
Ачымазарақәа есышықәса иҟац роуп иҟоу, агрипп, аковид, аха убри аан дара рҽырыԥсахуеит, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәжәараҿы Арҷелиаԥҳа. Аҳақьым иахәҭаны илыԥхьаӡоит агрипп аҟынтә алаҵа аҟаҵара.
"Ари амза инаркны агрипп чымазарақәа зыхьуа рхыԥхьаӡара иацлоит, уи аԥышәа иаҳнарбоит шьҭа. Иара ибааԥсны изхызго ргәырҽанызароуп", - ҳәа лҳәеит аҳақьым.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.