Аԥсны

"Аамҭа хьанҭа ауаа ӷәӷәақәа ахылҵуеит": Зосим Зыхәба иҭоурых

Sputnik
Иахьа Аԥсны ақәра ду змоу ҳәа иԥхьаӡоу 90 шықәса ирҭысхьоу ауаа роуп. Ажәытәтәи аамҭақәа раан 90 зхыҵуаз иан, ма иаб иԥсы ҭаны дыҟан. Уи ус шакәу аҭоурых иадыруеит, иҟоуп ишьақәзырӷәӷәо аматериалқәагьы. Уажәы ишәыдызгало анҵамҭа изкуп, Хәаԥ ақыҭан ииз, иахьа анцәа ишиҳәара Гәдоуҭа ақалақь аҟны инхо, 91 шықәса зхыҵуа Зосим Жагәа-иԥа Зыхәба. Иара аамҭа хьанҭа дшалиаазгьы иаԥхьаҟа амчымхарақәа зегьы дыриааины ауаҩра илҵит. Иҭаацәа реиԥш ижәларгьы изгәдууны дҟалеит. Зосим Жагәа-иԥа иқәра шмаҷымгьы, ҳаицәажәараан игәалашәараҿы ицәырҵуаз ахҭысқәа роуп уажәы шәзыԥхьо.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан аҭаацәара ду далиааит ԥхьаҟа еицырдыруа спортсменны, анаҩс шахтиорны иҟалаз арԥыс Зосим Жагәа-иԥа Зыхәба. Аҩнаҭаҟны ааҩык ахшара ирызҳауан. Аб Жагәа, 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан хабарда дыбжьаӡуеит, иӡбахә зҳәо џьара ҩырак ыҟамкәа. Усҟан, ахәыҷқәа ран Миназ Кәырмазиаԥҳа лыԥшәма илахьынҵа акәу, аибашьра иалагылаз лашьа Григори иакәу илхәыцра лыздыруамызт. Аха лгәы ҿаҳәаны лымч еизылгар акәхеит. Иааӡатәын ааҩык ахәыҷқәа.
"Сара саб иҿаԥшылара сгәалашәаӡом. Избанзар схәыҷын аибашьра данцоз. Аҭаацәараҟны хҩык аишьцәеи хәҩык аиҳәшьцәеи иҳазҳауан. Ҳашьеиҳабы Кәычкани аиҳәшьцәа иреиҳабыз Дунеи ҳан иаалывагылеит ҳааӡараҿы аҭакԥхықәра лыцеиҩшо. Кәычкан дышқәыԥшызгьы, хаҵа нагак еиԥш махәҿыла акриуан. Адгьыл ақәаарыхреи, арахә ааӡареи инапы алакын. Хымԥада иеиҵбацәагьы ҳицхраауан. Аҩнусқәа ҳан илҟәылкуан Дуниа. Абас ала аибааӡара ҳаҿын", - еиҭеиҳәоит сажәабжьҳәаҩ Зосим Зыхәба.
Аибашьра иаӡрыжәит усҟантәи абиԥара, аха ахәыҷра хәыҷроуп. Уи иамоу аамҭеихша иаратәы ҟанаҵоит. Зосим игәалашәоит иҭаацәа дрыцхраац, араса ҟәшәаны Гәдоуҭа иганы ишиҭиуаз. Аха уи ус имариамызт. Аџьармыкьаҿы есқьынагьы ихҭыгәлон иаасҭа шықәсқәак еиҳабыз ахьыбҿар. Икаҵкәыр рнапқәа хшьыло, "проба" (агьама ҳбоит) ҳәауа аӡәаӡәала арасақәа хырхуан. Иԥхашьа-ԥхаҵо игылаз ақыҭаҷкәын ииҳәагәышьозеи, ус иахәҭоуп ҳәа иԥхьаӡон.
"Аҷкәынцәа "проба" ҳәа рнапқәа рызна срасақәа рго ианалага, схәыҷымзи, ус сгәы иаанагеит аџьармыкьаҿы узеилаҳауа азы "проба" уҳәар, хәыда-ԥсада иугар ҟалоит ҳәа. Ҽнак саргьы исыӡбеит схы ԥысшәарц. Сраса ҭины сԥарахәыҷқәа сџьаба инҭаҵаны, ашьақаркамфеҭ зҭиуаз ҭакәажәык сналыдгылан, "проба" сҳәан арбаӷь аформа змаз ахаатә алсхын ахы снацҳаит. Уи акәхеит…", - дахлафаауа дзыниаз ахҭыс далацәажәоит Зосим Зыхәба.
1950 шықәсазы Зосим аррамаҵурахьы иԥхьоит. Дақәшәоит Естонтәи ССР ақалақь Валга аҳаиртә-десанттә архәҭахь. Араҟа арԥыс ааԥхьара ирҭоит, зых иақәиҭу ақәԥара "Самбо" ҳәа изышьҭоу ахырхарҭазы еиҿкааз асекциахь. Арԥыс аҽазыҟаҵарақәа раамышьҭахь дызлахәыз раԥхьатәи аицлабраҟны аиааира анига, ари аҟыбаҩ ҷыда злоу иоуп ҳәа, ҷыдала аус идыруло иалагеит. Хышықәсеи фымзи аррамаҵура дахысуанаҵы, Зосим изныкымкәа аспорт аҟны алҵшәа бзиақәа аариԥшхьан. СССР аҳаиртә-десанттә архәҭа "Самбо" азы иласӡоу акапан аҟны ачемпион ититул ианашьан. Изныкымкәа апарашиут ала дыԥахьан. Ашәаҩатә аиԥхныҩлараҟны (лыжные гонки) ихы ԥишәахьан.
"Аррамаҵура сыхганы Аԥсныҟа санаа, акомҿартә мҩақәҵагала сашьеиҳабы Кәычкан аус ахьиуаз Тҟәарчалтәи ашахтахь срышьҭит. Аха бзиа избоз аспорт нысмыжьит. Араҟа еиҿкааз акоманда сахәҭакхеит. 1962 шықәсазы Қарҭ имҩаԥысуаз аицлабрахь Аԥсны ахьӡала срышьҭуеит. Усҟантәи аамҭазы, иашала-мцыла аԥхьагылара ақырҭқәа ракәын изырҭалоз, аха аӡбаҩцәа актәи аҭыԥ санаршьан, Қырҭтәыла ачемпион ититул соуит", - игәалашәоит аспортсмен.
Зосим Зыхәба
Қырҭтәылатәи аицлабра ашьҭахь, ачемпион дгәазҭаз зегьы, еиуеиԥшым аспорттә усмҩаԥгатәқәа рахь ааԥхьара ирҭо иалагеит. 1963 шықәсазы иласӡоу акапан ала, Аԥснытәи АССР аицлабраҟны аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит. 1964 шықәсазы зых иақәиҭу ақәԥаразы Аԥснытәи АССР дачемпионхеит.
Зосим Зыхәба, аспорт еиԥш иусгьы ҭакԥхықәрала дазнеиуан. Иара Тҟәарчал акоммунисттә џьа абригада анапхгаҩыс дарҭоит. Аамҭа кьаҿк ала иҩызцәеи иареи иаадырԥшыз рылҵшәақәа рыла Аԥсны рыӡбахә ахаҵәоит. Ус ишыҟаз, арԥыс арацәа аҵхраан ааха иоуоит, уи иахырҟьаны иусура нижьуеит, аха ақалақь аҟны даанхоит. Тҟәарчалтәи аӡбарҭаҟны алатәаҩс дҟалоит. Анаҩс Тҟәарчал ақалақьтә хеилак ахь Жәлар рдепутатс далырхуеит.
Зосим Зыхәба Тҟәарчал аҭаацәара аԥиҵеит. Динасыԥхеит Евдокиа Арышԥҳа. 1978 шықәсазы дара Гәдоуҭаҟа нхара иааит. Зосим експедиторс акоммерциатә фирмаҟны аусура далагоит, Евдокиа азеиԥш крыфарҭа асистемала аҳасабеилыргаҩыс. Ирызҳауан рԥа Рамази рыԥҳа Иринеи.
Зосим Зыхәба
1992 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, Зыхәаа рыҩнаҭаҟны "арратә штаб маҷ" аԥҵахеит уҳәар алшоит. Аԥсны раԥхьаӡатәи атәылахьчара аминистр Владимир Аршба, Евдокиа лашьа иԥа иакәын. Иара ахәра аниоу ашьҭахь, арра-стратегиатә зҵаарақәа ахьиӡбоз дахьаангылоз Зыхәаа рыҩнаҟны акәын. Лассы-лассы арахь иааилон Владислав Арӡынбеи Мусса Шанибови.
Зосим Зыхәба аибашьра анцоз 60 шықәса дырҭагылан. Иқәра амобилизациа ишаҵанамкуазгьы, иқәлацәа еизганы аԥсуа еибашьцәа ацхыраара риҭон. Далахәын Аҟәа аҭарцәра.
Аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, Ростовтәи аобласт апрокуратураҟны аус зуаз Зосим иԥа Рамаз Нхыҵ Кавказынтә шьхала ахатәгәаԥхаҩцәа дрыцны Аԥсныҟа даауеит. Араҟа иара арратә прокуратураҟны аусура далагоит.
Иахьа Зосими Евдокиеи анцәа ишиҳәара Гәдоуҭа рхәышҭаарамца еиқәуп. Рыхшареи рмаҭацәеи рыла ргәы дууп. Абыргцәа бзиабарала ибоуп азы ргәашьамх ӷәӷәоуп. Лассамҭа ргәакьацәеи дареи еигымыз.