Аҷандара ақыҭа ахада Родик Ахба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, сынтәа анхацәа рҽаҩрақәа зеиԥшроу, Лыхнашҭа ныҳәа рыҽшазыҟарҵо атәы.
Аџьықәреи уамашәа иубаратәы ибзианы иҟалеит, ашәырқәа ракәзар, апты ԥырхага ҳнаҭеит, ажьгьы убас иҳәеит аиҿцәажәараҿы Ахба. Даҽа қыҭак ҳаицәамкәа ҳнеип ҳәа сыҟоуп Лыхнашҭаҿ ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ажь атәы далацәажәо, Ахба иҳәеит, анкьеиԥш Аҷандараа рҩы ҳәа излаҽхәоз шыҟам. Сынтәа ибзианы ажьқәа ҿалеит, аха мышкы-ҩымш рыла илеиз ақәа хәыҷы аԥырхагахеит, иҳәеит Ахба.
"Сара схаҭа ҩ-тоннак рҟынӡа сазыԥшын, 200-300 кьыла сзыҟәшәар, иара уигьы уааилаҳәартә иҟам", - ҳәа азгәеиҭеит Ахба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.