Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лагәлаа ахәыҷтәы литературеи аизга "Ашьхыци" ирызкны

Sputnik
Ахәыҷқәа рзы аԥсышәала ажәеинраалақәа реизга ҿыц "Ашьхыц" ҭыҵит. Уи автор - апоет, ашәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиеи Таиф Аџьбеи рыхьӡ зху аҳәынтқарратә ҳамҭақәа занашьоу Анатоли Лагәлаа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ахатәы бызшәа аҵараҿы ахәыҷтәы литература ицхыраагӡахар шалшо, иахьа ахәыҷтәы жәеинраалақәа зыҩуа абанӡаҳамоу, шаҟа бызшәа мариала аԥхьаҩцәа хәыҷқәа рзы аҩымҭақәа раԥҵара алыршатәу.
"Иахьа ҳаԥсуа ахәыҷтәы литература беиоуп, еиҳаракгьы апоезиа. Иахьынӡахәҭоу аӡыргара амазар сҭахуп хыла, ҳхәыҷқәа рбызшәа рдырырц, рыԥсадгьыл бзиа ирбарц, хымԥада, ирдыруазароуп рдоуҳатә культура, иаагозар, алитература", - иҳәеит Лагәлаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.