Аԥсны

Аҟәа иаатит Зымаха-зышьаха еибгам рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы жәларбжьаратәи атурнир

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы зымаха-зышьаха еибгам рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" аатит.
Ачемпионат аҿы еицлабуеит Аԥсны, Кемерово, Барнаул, Новороссииск, Ҟрым ркомандақәа.
Атурнир Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аԥсны ауааԥсыра ргәалашәара иазкуп, ихыркәшахоит жьҭаарамза 27 рзы.