Аԥсны

Аекологиатә ҭышәынтәалара: Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак астол гьежь мҩаԥыргеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит астол гьежь "Еиҳа-еиҳа изцыло антропогентә еидара ҳасаб азуны аекологиатә ҭышәынтәалара". Уи еиҿнакааит Аԥсны ахада иҿы иҟоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа аекологиатә ҵарадырра, агәамсам ақәхра азинтә аспектқәа, аҳауа аԥсахрақәа рыҽрыршьцылареи аӡхыҵрақәа рҟынтәи ахыхьчареи, ахылҩаԥсылҩатә газқәа Аԥсны аҳауа анырра шарҭо, абиоеиуеиԥшымра уҳәа ирызкны ажәахәқәа ҟарҵеит.