Арадио

Агрба Лыхнашҭа иӡырырго азы: ажәытә маругақәа ҟалоит, маӡа хәыҷыкгьы ҳамоуп

Мгәыӡырхәа ақыҭа ахада Беслан Агрба арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит, Лыхнашҭа имҩаԥгахо аныҳәа рышҽазыҟарҵо атәы, аҭааҩцәа иддырбарц ргәы иҭоу, ақыҭа злабеиоу.
Sputnik
Агрба аиҿцәажәараҿы иҳәеит, сынтәа аҽаҩрақәа хар рымаӡам ҳәа. Аарҩареи ахәаҷа-маҷақәеи ирхырҟьаны ишаззыԥшыз еиԥш акәымкәа, еиҳа имаҷхеит. Уажәы ақыҭаҿы Лыхнашҭа рҽазыҟарҵоит. Анхацәа еиԥылоит, доусы илшо атәы иалацәажәоит.
"Иҳамо, инаҳго еибаҳҳәоит. Ацәыргақәҵахь амаругақәа гатәуп, иҳамоу ахәыҷы ҳаиҷаҳаны ицәыраҳгоит. Арҵаҩцәа рнапы иануп архиарақәа. Ԥшь-шьапык зҵо ара ишьны, ижәны иҟаҳҵоит. Аԥсуа чыс ҟалоит. Ашәыр акәзар, амандаринагьы ҟалеит. Ҳара еснагь уи ҳааӡоит. Ажь, аҭаҭын, убарҭ иахьагьы ицәыраҳгартә ҳалшоит, - иҳәеит Агрба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.