Аԥсны

Курсктәи аобласт ауааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара Аҟәантәи идәықәлеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Курсктәи аобласт ауааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара рыманы амашьынақәа Аҟәантәи идәықәлеит.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа арегион ахь 30 тонна инареиҳаны аидара ргоит: ашьақар, аконсервақәа, арыцқәа, аӡы, ахрыцқьаратә хархәагақәа. Ацхыраара аизгара иалахәын агәҭынчымра аазырԥшуаз атәылауааи акоммерциатә еиҿкаарақәеи ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
2024 шықәса нанҳәа 6 рзы Украинатәи Арбџьармчқәа рыхәҭақәа Курсктәи аобласт иақәлеит, уи аҵакыра ргаразы. Атәылахьчара Аминистрра излаанацҳауа ала, ари ахырхарҭала имҩаԥысуаз аибашьрақәа раан аӷа ицәыӡит ҩажәа нызқьҩык инареиҳаны ауаа.