Хә-ҩык ахшара ран, Ԥақәашь ақыҭа анхаҩы Анжела Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, иааидкыланы иахьа ақыҭаҿы аԥсҭазаара зеиԥшроу, аарыхрақәа ирҭагылазаашьоу, ахәаҷа-маҷақәа иҟарҵо аԥхасҭа атәы, аҭииразы аџьыка аҟаҵара дшалагаз.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.