Аԥсуа ҵарауаҩ нага, арҵаҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәыла Екатерина Шьаҟрылԥҳа диижьҭеи иахьа 100 шықәса ҵит. Екатерина диит 1924 шықәса жьҭаара 23 рзы Лыхны ақыҭан еицырдыруаз аԥсуа рккаҩы Платон Шьаҟрыл иҭаацәараҿы. Арадио Sputnik аефир аҟны аҵарауаҩ лылшамҭақәеи лыгәаӷьреи атәы дрылацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
"Аҳәынҭқарра андыргыло изыхьчо ар аҭахуп, урҭ ирдыруазароуп ирхьчо зырхьчо. Уи ар убасҟак иааӡатәуп аҳәынҭқарра ахьԥшымра шырнаҭо, аҳәынҭқарра иашьагәыҭны ишыҟоу рдыруазарц. Ҳара ус еиԥш иҟаз арҵаҩцәа ҳаман ахырзаман, аӡеилашыра, аполитикатә ӷныжәҩан бааԥс аныҟаз, аԥсуа ибжьы рганы "саԥсыуоуп!" ҳәа анизымҳәоз, агәымшәақәа, ахызаҵә зҭоу абџьар иаҩызаны игылаз аеҳәшьцәа Шьаҟрылаа. Екатерина Платон-иԥҳа дымшәа-дмырҳа, адунеи зегьы зыцәшәоз Сталин иахь лаҳәшьеи лареи ашәҟәы рыҩит аԥсуа жәлар ҳҿыхәы ҳҳәартә изыҟами ҳәа. Убас еиԥш агәаӷьра аадырԥшит, уажәшьаҭа уара угәырӷьаны иуҳәаратәы иҟоуп "абри даԥсыуоуп, ҳара даҳтәын" ҳәа", - иҳәеит Ашәба.
Аҵарауаҩ ҭеиҭԥшлагьы дыԥшӡан, дцәажәаанӡа лыблақәа удыргәабзыӷуан, лҿаԥшылара уеиқәнаҳәалон, убриаҟара ахаареи агәыбылреи лыцын, ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.