Аԥны афымцамч ҭира адиректор Саид Блабба, афымцамч ахархәаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа, Кәтол ақыҭа ахада Геннади Ҵлаиа арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит, иахьа афымцамч азы иҟоу алшарақәа ртәы, аԥхьаӡагақәа рықәыргылара аус иаанашьҭуа алҵшәа, афымца ахә ахызымшәаауа раҿыхра аус шцо, насгьы аизгарақәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефир аҿы есԥшьаша иҟоуп асааҭ 13 инаркны 14-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.