Аԥсны Аҭҵаарадырратә академиа апрезидент Зураб Џьапуа дрылахәын Жәларбжьаратәи аконференциа афырхаҵаратә епос иазкны Ереван имҩаԥысуаз, иара убас Кавказҭҵаара иазку анаукатә конференциа Махачкала иҟаз. Џьапуа иажәахәқәа зызкыз, насгьы аҵарауаа ишрыдыркылаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Зураб Џьапуа дықәгылеит ажәахә иманы апленартә еилатәараҿы. Уи зызкыз аԥсуаа рфырхаҵаратә епос, иалкааны Нарҭаа рҳәамҭақәа, аҭҵаараҿы имҩаԥгоу аусқәа ртәы. Иара дазааҭгылеит Кавкази, адунеитә епикатә культураҿы Нарҭаа репос ҵакыс иамоу.
Џьапуа еиҭеиҳәеит аепосқәа змоу ажәларқәа аҳәынҭқаррақәа рыргылара ишадҳәалоу атәы.
Аҵарауаҩ амардуан дкыдзар, аҭҵаарадыратә форум иара изы зегь аҵанакуеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Џьапуа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.