Раԥхьатәи аԥсуа ҵарауаҩ-аетнограф, арратә усзуҩ, азеижәтәи ашәышықәсазы аԥсуа жәлар ринтеллигенциа инарылукааша ахаҭарнак, аамсҭа Соломон Ажәанба диижьҭеи иахьа 215 шықәса ҵит. Аҵарауаҩ илшамҭақәа, ижәлар рҭоурыхи рыбзазашьеи ирызкны аҭҵааратә усқәа рымҩаԥгара ахьынӡаилшаз, уи ишьҭаиҵаз ауасхыр хәшьарас иамоу абарҭкәа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аетнограф, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡба.
Иара иазгәеиҭеит Соломон Ажәанба Аԥсны ихьӡ змаҳац шмаҷымгьы иҭоурых, илшамҭақәа, иӡбахә ишахәҭоу иахьагьы идырым ҳәа.
Иара иазгәеиҭеит Соломон Ажәанба Аԥсны ихьӡ змаҳац шмаҷымгьы иҭоурых, илшамҭақәа, иӡбахә ишахәҭоу иахьагьы идырым ҳәа.
"Иара изанааҭцәҟьа арратә ус акәын, аха аҭҵаарадырра аганахьалагьы ихьӡ ҳаракны иҟоуп, избанзар иусумҭақәа ирыбзоураны аԥсуаҭҵаара иалагалахеит ҳҵас, ҳқьабз зҳәо еиуеиԥшым анҵамҭақәа. Аԥсны иӡбахә ззымдыруа маҷзар ҟалап, аха убри аамҭазгьы исҳәар ауеит дшаҳдыруагьы, дызлаҳзымдыруагьы иӡбахә ыҟоуп, избанзар иҭоурых нҭырҳәацааны иҭҵааӡам. Ииашоуп, иҟоуп 1952 шықәсазы Гь.Ӡиӡариа еиқәиршәаз еизга, нас 1982 шықәсазы ҽыц ацҵақәа ҟаҵаны иҭижьит. Шәагаала идуумзаргьы иаҳдыруа иусумҭақәа, аха ҵакыла даара идууп, ҳаԥсуа ҭҵаарадырраҟны аҭыԥ ду аанызкыло роуп", - иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.