Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аламиа агазеҭ "Аидгылара" аҭыжьра иазкны

Sputnik
Жьҭаара 25 1989 шықәсазы аԥсышәалеи урысшәалеи аҭыҵра иалагеит агазеҭ "Аидгылара". 35 шықәса раԥхьа иахьаҽны ҳажәлар рнапаҿы ироуз агазеҭ аԥхьатәи аномер шԥеиқәыршәаз, избан уи аҭыжьра аҭахны изыҟалаз, ҳтәылаҿы иаҳҿагылоз ақырҭқәа ишпарадыркылеи, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, агазеҭ "Аидгылара" аԥсуа ҭыжьымҭа аредактор хадас иамаз Геннади Аламиа.
Агазеҭ ахьӡгьы иунарбоит иара изызкыз, ҳажәлар изырҭахыз, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аламиа.
"Раԥхьаӡа Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" анеиҿкааха, жәлар рҿахәы ҳҳәартә еиԥш аҭыжьымҭа аҭахны иазыԥхьаӡан. Аԥҭа еиқәаҵәақәа хылахьан Аԥсны. Аилеиҩласрақәа ирылагахьан. Еибашьрада ишеилымго удырыртә иҟан, аха иахьынӡауа аибашьра наҟ ҳнаханы афорум ааиҿкаара ҳалагеит. Ажәлар зегьы еидгыланы дара рыгәҭакы иазықәԥароуп, убри ада ҳәатәы ыҟаӡамызт. Аԥхьа аҭыжьымҭа ҷыда ҭыҵит. Аматериалқәа зегьы урысшәала иҟаз еидкыланы иахькьыԥхьхаз. Уи ашьҭахь ауаа иргәаԥхо, ирҭахны ианырба "Аидгылара" аиҳабыра, агазеҭқәа ԥсышәалагьы урысшәалагьы иҭаҵлааит ҳәа адҵа ҟаҵан", – ҳәа игәалаиршәеит Аламиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.