Тҟәарчалтәи акомедиатә театр апремьера аус аднаулоит, аспектакль ҿыц темас ишьҭнахуеи, насгьы ари ашықәсан ихацыркыз араионқәа рҿы агастрольқәа шԥамҩаԥысуеи, ишԥарыдыркылои ахәаԥшцәа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аиҳабы Адамыр Гәынба.
Тҟәарчалтәи атеатр традициас иамоуп ақыҭақәа рҿы арбарақәа реиҿкаара, анхацәа аспектакльқәа дырбара, убри аус иацаҳҵоит уажәгьы, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәынба.
"Ҿыц еиҭашьақәыргылан аспектакль "Асабша ашьыбжьышьҭахь" ҳәа атеатр арепертуар иалаз. Аԥсуа цәа ахҵаны аԥсшәахь игеит Сырбеи Сангәлиа. Абри аспектакль ала Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи имаҷымкәа ҳарҭааит. Уажәы ақәыргыламҭа ҿыц аҭыжьра ҳазыԥшуп. Абҵарамза 1 иҭҳажьуеит. Уи ақәыргылаҩс дамоуп Алхас Шамба, Шоҭа Ҷкадуа ипиеса иалхәуп, "Шәааи ҳаицыччап" ахьӡуп", - ҳәа иҳәеит Гәынба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.