Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аџьбеи Багаҭелиеи аҩнеихагылақәа рҿы абылраҽацәыхьчара иазкны

Sputnik
Амцакра, абылрақәа аԥсабаратә цәырҵрақәа рнаҩс ауаҩы ииашам ихымҩаԥгашьа иахҟьалоит. Аӡын анааигәахо афымцамч ақәыӷәӷәара иацлоит. Аҩнеихагылақәа рҿы иҟоу афымцеихшарҭатә кәалаԥқәеи ацәаҳәақәеи ирҭагылазаашьоу, абылраҽацәыхьчаратә шәарҭадара хылаԥшрас иамоу арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит Аҟәа ақалақь абылраҽацәыхьчаразы аҳәынҭқарратә хылаԥшра аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Саид Аџьбеи аҳҭнықалақь аҩбатәи аҩнусбарҭа аиҳабы Алықьса Багаҭелиеи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.