Аԥсны

Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аԥсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа бызшәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит амилаҭ милаҭны иҟазҵо, урҭ рҿахәы зҳәо, еидкыланы измоу абызшәоуп ҳәа.
"Абызшәа аԥеиԥш амазарц, аҵакы ацәымӡырц азы амилаҭи аҳәынҭқарреи рыԥсҭазаараҟны хархәара амазароуп, убри аан ҳазҭагылоу аамҭа иқәнаргыло аҭахрақәа ирықәшәозароуп. Убри аҟнытә ижәытәӡатәу ҭоурыхла, культурала ибеиоу Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхареи арҿиареи рус — ҷыдала хшыҩзышьҭра ззутәу хырхарҭоуп аҳәынҭқарра аганахьала", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада инаҵшьны иҳәеит аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи рзы зыда ԥсыхәа ыҟам ашьаҿақәа рыҟаҵараҟны, хымԥада, ауаажәларра рыцхыраара хымԥада ишаҭаху.
"Сара агәра згоит аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҟны ҳхатәы бызшәа иамоу аҵакы азхәыцрала, зегьы ҳаидгыланы ҳусеицурала ашәышықәсақәа иргәылганы ҳара ҳҟынӡа иааргаз ҳбызшәа еиқәырханы аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рызнагара шҳалшо", — иҳәеит Аслан Бжьаниа.