Арадио

Кәыҵниа ақалақь иалоу арахә азы: ишьны ахәыҷбаҳча иаумҭозар, уаҳа ԥсыхәа ҟамлеит

Аҟәа ақалақь ахадара арахә нҵаны измоу анхацәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит урҭ ақалақь иаларымҵаразы. Иҟоу ауадаҩра атәы, насгьы анхацәа ирыдырҵо ахараԥса атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳабла ҿыц ахәбатәи аҩнусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ахра Кәыҵниа.
Sputnik
Иара иажәақәа рыла арахә адәқәа рҿы еиҭарҳауа ашәҭқәа, аҵлақәа ԥхасҭартәуеит. Урҭ иаанкыланы иҭаркуеит, нас аԥшәма ахараԥса 5 нызқь мааҭ шәаны игоит, аха ари аус нҵәашьа ақәым, иазгәеиҭеит Кәыҵниа.
Уи иҳәеит, арахә агәамсамҭаԥсарҭа иҭаланы акранырфогьы шыҟоу.
"Аизара ҟаҵаны ари азҵаара ӡбашьас иамоу атәы ҳалацәажәон. Уи иалахәын ақалақь ахадарагьы. Ҳалацәажәеит арахә шьны ахәыҷбаҳчақәа ираҳҭаларц. Уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам. Арахә ақалақь иалалоит Ачадарантәи, Гәымсҭантәи, Алашарба аҳаблаҟынтә. Џьара-џьара ажрақәа жны аихақәа шьҭаҵаны иҟаҳҵеит, аха урҭ ахьынтәиаауа аҭыԥқәа зегьы ус ҟаҵашьа амам", - иҳәеит Кәыҵниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.