Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аиланхарҭа Цукурино ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспублика иатәу аиланхарҭа Цукурино ахы иақәиҭыртәит ,ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа ахьчара Аминистрра.
Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа ргәыԥқәа иатәу аоператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатә ар, артиллериа рыла арратә ҳаиртә баӷәазақәа ринфраструктура, 142 раион рҿы аӷа ируааи ирратә техникеи еиларҟәаҟәеит.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәаФранциа иҭрыжьыз "Hammer" х-бомбак, ATACMS аоператив-тактикатә ракетақә ҩба, Америка иҭрыжьыз аицҭырҟьаратә ракетатә система HIMARS ахгәыцә, иара убас аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 120 карыжьит.
Зынӡа иҷыдоу арратә операциа ианалага инаркны иҭархоуп: 647 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 34,685, 584 зенит-ракетатә системақәа, 18,894 аибашьыгатә танкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 1480 ракетатә система, 16887 артиллериатә хысгақәеи аминаршәгақәеи, 27694 иҷыдоу арратә автомабилтә техника.