Оҭҳара ақыҭа инхо Лиосик Аиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа ақыҭаҿы агәылацәа рыбжьара иҟоу аидгылара атәы, анхаразы иаԥҵоу аҭагылазаашьа, рхы зланыҟәырго, насгьы сынтәа раарыхрақәа зеиԥшроу.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.