Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Мышәба арра-спорттә еицлабра "Аиааира" иазкны

Sputnik
XVIII-тәи Ареспубликатә арра-спорттә еицлабра "Аиааира" мҩаԥысуеит аҳҭнықалақь аҿы. Уи иалахәуп 9-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа жәаҩык-жәаҩык рыла ишьақәгылоу аа-командак. Раԥхьа араионқәеи аҳҭнықьалақьи рҟны имҩаԥган аицлабрақәа, уаҟа зҽалызкааз ахәыҷқәа рыла агәыԥқәа еиқәыршәаны ареспубликатә еицлабраахь инашьҭын. 18 шықәса рыҩнуҵҟа зхатә традициақәа зауз аицлабрақәа рхықәкы хада, дара аҿар ахьынӡазҿлымҳау атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арра-спорттә еицлабра "Аиааира" аӡбаҩ хада Беслан Мышәба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.