АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа ДЖәР ақалақьқәа Катериновка, Горниак, Доброволье рхы иақәиҭыртәит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа: Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа ргәыԥқәа иртәу аоператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатә ар, артиллериа рыла Украина аҳаиртә мчқәа ринфраструктура, УкрАМ аштаб хада иатәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рсистема анапхгараҭаратә Центр, иара убасгьы 139 раион рҿы аӷа ируааи ирратә техникеи ааха рырҭеит.
Аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа Америка иҭрыжьыз HIMARS х-реактивтә хгәыцәки аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 98и карыжьит.
Иҷыдоу арратә операциа ианалага инаркны иҭархоуп: 647 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 34783, 584 зенит-ракетатә системақәа, 18902 аибашьыгатә танкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 1481 ракетатә система, 16927 артиллериатә хысгақәеи аминаршәгақәеи, 27720 иҷыдоу арратә автомабилтә техника.