Аԥсны

Аԥснытәи КСОРС ахаҭарнакцәа Адунеизегьтәи аџьынџьуаа рконгресс рхы аладырхәит

Аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа VIII Адунеизегьтәи рконгресс мҩаԥысуеит Москва "Вместе с Россией" алозунг иаҵагыланы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аџьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә еидгыла ахантәаҩы Олег Иурченкои КСОРС ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Геннади Кожухари Москва имҩаԥысуаз VIII-тәи Адунеизегьтәи аџьынџьуаа рконгресс рхы аладырхәит.
Иурченко иҳәеит Аԥсны Урыстәылеи урыстәылауааи даара ибзианы ирзыҟоуп ҳәа. Иазгәеиҭеит, арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа ишҭахахьоу 50-ҩык инареиҳаны ареспублика ауааԥсыра, Аԥсны ари иааидкыланы аурыс дунеи адгылара азҭо штәылоу.
Аконгресс аусура рхы аладырхәуеит 103 тәыла рҟынтәи 400-ҩык рҟынӡа аурыс уаԥшьқәа рхаҭарнакцәа. Иара аартраҿ иқәгылеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, Москватәии Урыстәылазегьтәии апатриарх Кирилл, Афедхеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко.
"Урыстәыла ашәарҭадара, ҳтәылауааи ҳџьынџьуааи рыԥсҭазаара, рыхьӡ-рыԥша, раҳаҭыр, рабацәа рыдгьыл аҿы анхара, рхатәы бызшәала ацәажәа, рҭоурых, рдоуҳатә-моралтә беиарақәа рыхьчараз рзин хымԥада иалыршахоит", — ҳәа азгәеиҭеит Лавров.
Иара убасгьы иҳәеит, 2025 шықәса Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла иалоу атәылақәа рҟны ишрылаҳәоу Аиааира 80 шықәса ахыҵреи аҭынчреи ирышықәсны, иара убасгьы анацизм иаҿагыланы ақәԥаразы асовет жәлар рфырхаҵара иазкны, аԥынгылақәа шроуагьы аҳәаанырцә агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәеи акциақәеи рымҩаԥгаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Лавров иҳәеит аиҿцәажәарақәа раан аусмҩаԥгатә алахәылацәа иҟарҵаз ажәалагалақәа акомиссиа аус адуланы Урыстәыла ахадеи аиҳабыреи рҿаԥхьа иҟарҵо аҳасабырбақәа ишрылагалахо.