Жьҭаара 30 Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ирымшны иԥхьаӡоуп. Уи азгәаҭара алыршахеит 1997 шықәсазы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵаразы ҳтәыла раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иҭижьыз аусԥҟа инақәыршәаны. Иахьа еиуеиԥшым аҵарауаа аекономика, ақыҭанхамҩа абызшәа, аҭоурых, аетнологиа, археологиа уҳәа ахырхарҭақәа рыла имҩаԥыргоит аҭҵаарақәа.
30 шықәса рыҩныҵҟа еиҵагылахьоу абиԥарақәа ихьазырԥши анаукахь, иарбан ҭагылазаашьоу уи аҿиаразы ирымоу, гәацԥыҳәарас ирызҭои, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Мадонна Ԥлиаԥҳаи, ақыҭанхамҩатәҭҵаарақәа ркандидат Дмитрии Сабекьиеи.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.